+7 (940) 711 13 28

Аҳәаанырцәтәи аҵара

Buckswood School

BuckswoodOverseasSummerSchool (BOSS) – ари абызшәа рҵагатә центруп, еиҿкаауп BuckswoodSchool абаза аҿы, ашкол – пансионуп.

Аҵараиурҭа Англиа аладатәи амшын аԥшаҳәаҿы ауп иахьыҟо, ара иудыргалоит аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа ирылгӡаны абызшәа узырҵо апрограммақәа.

Ашкол иаанаԥхьоит абызшәа зҵарац зҭаху ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи, убри аан аԥсшьареи ахәмаррақәеи аамҭа маҷымкәа иазыркәеит.

Ари апрограмма иахысыз астудент алшара иоуеит,абызшәа жәларбжьаратәи аҩаӡара аазырԥшуа College Spoken English Exam аԥышәара аҭара.Иазгәаҭатәуп Британиатәи аилатәара ари аҵараиурҭа ахатә ккредиатциа шанаҭаз.
Аҵаратә процесси аԥсшьареи ирылагӡаны иарбан лшароу ироуа астудентацәа ?

Аҵаҩцәа рзы аспорт хкқәа рацәоуп, аҽақәтәара бзиа избо рзы ирымоуп рхатә ҽтакырҭақәа, иара убас шықәсынтәарак аус зуа аӡҭачы, атеннис азы адәқәа,амҵәышәымпыл. Иҟоуп иара убас ихыбу аспортзал,акрыфарҭа,акинотеатр,аныҟәаракәа рзы амашьына. Аус ауеит рхатә радио Buckswood, насгьы ари аҵараиурҭа алукаауеит иҳараку агәабзиарахьчаратә система азы.

Изеиԥшроу аҵаратә программа?

Аҵараиурҭаҿ аҵаҩцәа инарҵауланы иазыҟарҵоит Trinity College аԥышәара рҭиирц азы, мчыбжьык аҩныҵҟа 20 сааҭ абызшәа иазоужьны. Уи адагьы, уахь иаҵанакәеит амузеи абилеҭқәа, иҵегьы егьырҭ аусбарҭақәа рҭаара. Аҵаҩцәа зегьы ирырҭоит ҩымш -инарҭбаау аекскурсиақәа рзы,хымш -иаҳа иааркьаҿны. Хәылбыҽхала еиуеиԥшым апрограммақәа мҩаԥыргоит, зны-зынла ҽынлагьы, астудентцәа раамҭа лахҿыхны ирхыргарц азы. Аҵараиурҭа аҵаҩцәа еиқәнаршәоит ирҭахәу амаҭәаршәҟәыла, насгьы рынхарҭа ҭыԥқәа маншәаланы еиқәыршәоуп, уадак аҿы,ахатә ҿыӡәӡәарҭақәа ахьамоу 1,2,3, астудентцәа нхоит.

Астудентцәа ихаҭәаау аныҟәгара рымоуп,амаҭәаӡәӡәарҭа ҭыԥ рхы иадырхәоит,ирырҭоит еиуеиԥшым аколлеџь иатәу амаҭәарқәа

Аколлеџь иҳаднагало Британиатәи акультура акурс,алшара ҳанаҭоит Англиа атәылауаа рыԥсҭазаара ганрацәала аилкаара. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны астудентцәа ирзаадыртуеит акинематограф,алаф,аспорт,амузыка. Аполитика аҵара хымԥадатәиуп,нас аҳратәра змоу аҭаацәара рҭоурых,иара убас иҵегьы.

Академиатә программа, нас уи аҷыдарақәа.
Аклассқәа рҿы 15 ҩык иреиҳамзароуп,астудентцәа рықәра 8-17 шықәса ирыҵанакәеит.Апрограмма рнаалоит аҵаҩцәа абызшәадырразы зыҩаӡара еиԥшым,алагарҭатәи инаркны абжьаратәи аҟынӡа. Ари апрограмма иахысыз рахьтә 95 процент иреиҳаны жәларбжьаратәи аԥышәара рҭииуеит.
Иарбан академиақәоу Buckswood иҟоу?

Ашкол иамоуп ахатәы ашьапылампылтә академиа,рҵаҩцәасгьы аус руеит
UEFA азыҟаҵаҩцәа.

Иара убас иҟоуп аҽыбӷаҟазаратә академиа,атеннис,акәашаратә академиақәа,гольфи англыз бызшәеи ракадемиақәа.
Аспорт алшарақәа аҵаҩцәа рзы.
Иаазҭаху зегьы акомандатә спорт рҽазыҟарцарц рылшоит,иара убас аӡсара,атеннис,аҽақәтәара,ашьапылампыл,агольф.
Астудентцәа зырлахҿыхәа аусмҩаԥгатәкәа.
Астудентцәа афильмқәа ирыхәаԥшларц рылшоит,абарбекиу рхы аладырхәыр ҟалоит,аныҟәарақәа,ашоппинг аҟаҵара,аҟәараҿы аԥсшьара, адискотекақәа рҭаара.Араҟа аҭыԥ иадыршьцылоит,аԥсыӡкра иадрыԥхьалоит,еиуеиԥшым аицлабрақәа,ацәыргақәҵақәа уҳәа рхы рыладырхуеит. Иара убас ҵҩа змам аекскурсиақәа рыдыргалоит, урҭ рахь иҟоуп Brighton Pier, Beach; Hasting New, Old Town; Herstmonceux Castle, уҳәа аинтерес зҵоу аҭыԥқәа рҭаара.

Астудентцәа нхарҭа ҭыԥла реиқәыршәареи,урҭ рҭагылазаашьеи.

Астудентцәа ндырхоит ԥштәыла еиуеиԥшым ахыбрақәа змоу аҩынқәа рҿы. Зынӡа 7 ҩнык ыҟоуп, 1-4 аҭыԥантәи ауадақәа змоу.Уадацыԥхьаӡа иҩнагылоуп аишәа, ашькаԥ,акомод,аҟәардәқәа. Астудентцәа ахылаԥшра рзыруеит аԥхьагылаҩцәа ргәыԥ.
Рыфа-рыжәтә еиқәнаршәоит акрыфарҭа, афатә хкқәа хаауп, ихәарҭоуп.

Астудентцәа ргәазыҳәара ирзыӡырҩуеит,изҭаху адиетатә, мамзаргьы аҵиаатә фатәқәа рзыҟарҵоит.

Еиқәыршәоуп:

Арԥхага зцу,ихыбу аӡҭачы

Аҽҭакырҭақәа(аҽақәтәаразы аҭагылазаашьақәа зегьы аԥҵоуп)

Амҵәышәымпыл адәқәа

Атеннистә кортқәа

Ихыбу аспорттә зал еиуеиԥшым ахәмаррақәа рзы

Акинотеатр

Ахатәы крыфарҭа

Ахатәы машьына(еиуеиԥшым аныҟәарақәа рзы)

Арадио Buckswood

Ашкол иамоуп ахатәы агәабзиарахьчаратә маҵзура. Апрограмма: Англыз бызшәа 20 сааҭ мчыбжьык

Trinity College ацәажәаратә бызшәазы аԥышәара аҽазыҟаҵара.

Ҩ -екскурсиак аҽнынтәарак, х- екскурсиак амш абжа.

Астудентцәа ирыдыргалоит абилеҭқәа амузеиқәа, нас еиуеиԥшым арлахҿыхратә программақәа рахь.

Еиуеиԥшым аинтерес зҵоу апрограммақәа ҽынлагьы,хәылбыҽхалагьы.

Арҵагатә материалқәа рыла еибырҭоит.

Арезиденциаҿы анхара(хазы аҽыӡәӡәарҭақәа змоу ауадақәа 132 ҩык астудентцәа рзы)

Ихаҭәаау апансион

Амаҭәаӡәӡәарҭа

Астудентцәа ирырҭоит зхаҭабзиара ҳараку амаҭәақәа BOSS: анапхаҵақәа, абутылка (аӡазы), апапкақәа,афутболкақәа Аурокқәа “A slice of Britain” анаҩстәи атемақәа агәылагалоуп:

Академиатә программа

Buckswood академиақәа:

Аспорт:

Арлахҿыхратә программа :

Аекскурсиақәа:

Анхара: Астудентцәа аҩнқәа ирыҩнарҵоит.Ҩныцыԥхьаӡа ахыбра ахатә ԥштәы амоуп. Алагерь аҿы бжьы ҩнык ҭыпки, 2, 3 нас 4 ҩык рҭыԥ змоу ауадақәа амоуп. Уадацыԥхьаӡа игылоуп акаруаҭ,аусуразы аишәа,амаҭәазы ашьқаԥ,акомод,аҟәардәқәа. Ахәыҷқәа ирхылаԥшуеит аԥхьагылаҩцәа ргәыԥқәа. Акрыфара: Астудентцәа ашкол акрыфарҭаҿы крырфоит.Уаҟа ахәыҟаҵаҩцәа зеиԥшыҟам ихаау афатәқәа рнапы иҵыҵуеит! Астудентцәа иҟарҵо аҳәарала, изҭаху хазы адиетатәи аҵиаатәи афатәқәа рзыҟарцоит. Апрограмма ахәԥса аӡәы изы иаарԥшуп афунт стерлинг ала 2019 тәи ашықәс азы

Апрограмма ахьӡ

Арыцху

Амчыбжьқәа рхыԥхьаӡара

Аху

Аԥхынтәи апрограмма

01.07-18.08.2018

1 амчыбжь

2 амчыбжь

3 амчыбжь

4 амчыбжь

5 амчыбжь

6 амчыбжь

875

1 750

2 625

3 500

4 375

5 250

Ааԥынтәи апрограмма

25.03-14.04.2018

1 амчыбжь

2 амчыбжь

3 амчыбжь

720

1 440

2 160

Ахәԥса иаҵанакәеит:

Хазы аху ахшәаатәуп:

-Шәара иалышәхыз апрограммеи анхарҭа ҭыԥи

-Акрыфара-ихаҭәаау апансион

Хәыда-ԥсадатәи ацхыраара акциақәа рҳәаа иҭагӡаны

-Алабжьареи ацхыраареи ишәнаало аҵараиурҭа алхраан

-Апрограмма абронь азура,аҵараиурҭа аҟынтәи иахәҭоу ашәҟәқәа роура

-Аҳаиртә билеҭқәа абронь рзура

-Аҽыхьчаратә билеҭ алҩаара

-Аҵара зҵо астудент ихылаԥшра

-24/7 аимадараҿы аҟазаара
-Авизазы ашәҟәқәа англыз бызшәахь аиҭагара

-Абанк аҟынтәи аԥара аиагара

60 у.е

-Авиза аҟаҵара 95 у.е.

Аҽыхьчара 1у.е(у/ҽ)

Аҳаиртә билет 240у.е.инаркны

-Аконсултә еизга 100 у.е.

-Атрансфер (уахь-арахь) 260 у.е.

Ашьапылмапыл,аҽақәтәара,атеннис,акәашара,агольф,хаҭалатәи аурокқәа англыз бызшәазы = 35 y.e/чаc

expand_less