+7 (940) 711 13 28

Аҳәаанырцәтәи аҵара

Brooke House College (Leicestershire)

Жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу аколлеџь Brooke House College 1967 шықәса инаркны аус ауеит. Адунеизегь аҟынтәи аҵаҩцәа аднакылоит. Алшара рынаҭоит Англиатәи иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҭалара. Аԥышәа ишаҳнарбо ала,аҭыԥантәи арҵаҩцәа рџьабаа иамоуп алҵшәа бзиа,рҵаҩцәа аколлеџь ианалгалак қәҿиарала ирҭалоит иалырхуа аҵараиурҭакәа, убри аан иаадырԥшуеит иҳараку академиатә ҩаӡара. Аколлеџь ахьыҟоу аҭыԥ Лестершир ахьӡуп, ари имаҷу,аха угу иақәшәаша қалақьуп. Лондонынтә сааҭк ауп ибжьоу. Аеропорт Хитроу аҟынтәи уаауазар сааҭки бжаки аҟара ауп иуцәақәӡуа.

Аколлеџь ахьыҟоу ахыбра ргылан 18 ашәышықәсазы,аха ҳаамҭазтәи мыругала еиқәыршәоуп. Ара иҟоуп аҵаразы иаауҭаху зегьы,иара убас аспорт аҽазыҟаҵаразы еиқәыршәоуп, астудентцәа рҵареи рыԥсҭазаареи арманшәаларазы.

Еиуеиԥшым ақәра змоу рзы ишьақәгылоуп ҷыдалатәи апрограмма,

7 инаркны 11 шықәсанӡа ирыҵаркуа ахәыҷқәа хыбрак аҿы аҵара еицырҵоит. Еиҳау : 12-17 шықәса ирыбжьаркуа ирымоуп рхатәы программа, нас хазы акорпус. Егьырҭ излареиӷьу атәы ҳазааҭгылозар, иазгәаҭатәуп иҭбаау, мыругала еиқәыршәоу аклассқәа, иҟоуп иара убас арт-студиа, аҵарадырратә кабинетқәа, алабораториақәа, акомпиутертә зал. Иҟоуп абиблиотека, акрыфарҭақәа, насгьы астудентцәа зегьы ирымоуп азин аӡҭачы аҿы аӡсара, иҟоуп ателевизоры атенниси змоу аԥсшьарҭатә уадақәа, убас хкы рацәала иманшәалоу аҭагылазаашьақәа.

Аколлеџь аус ауеит аԥхын,иҳаднагылоит 5 хкык акурсқәа.
Англыз бызшәа аҵареи алахҿыхреи, аԥсшьареи еилагӡоуп. Курск аҩныҵҟа имҩаԥгахоит англыз бызшәа иазку 15 урок, нас аспорти-арлахҿыхреи ирызку аусмҩаԥгатәкәа. Ари акурс ирласны ацәажәаратә бызшәа унарҵоит,ужәар арҭбаауеит,уи адагьы аграмматика арӷәӷәоит.

Ахархәара амоуп еиуеиԥшым,уагәылазхало аметодикақәа.Арҵаҩцәа ирылдыршоит аҵаҩы ирҭо адыррақәа иаарласны идикылартәеиԥш аҟаҵара. Апрограмма ирацәаны апозитив унаҭоит.
Даҽа вариантк- уи англыз бызшәа иацу апрограмма ауп,иҳаднагалоит 27 ҽазыҟаҵара абызшәа аҵаразы. Ари авариант рнаалоит англыз бызшәа ибжьаратәу аҩаӡарала издыруа. Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны,ихадоу абызшәа аҵара инахыҳәҳәаны - 3 сааҭк британиатәи акультура аҭҵаара иазкуп.Атәыла акультура ганрацәала иҭырҵаауеит,есыҽнытәи аԥсҭазаара инаркны, аполитикеи,жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҟынӡа. Астудентцәа ироуеит ирыхәаша аинформациа рацәаӡаны.
Аколлеџь еиқәнаршәоит IELTS аԥышәара аҽазыҟаҵарақәа,уи аҳәаақәа ирҭагӡаны абызшәа аҵаразы ирыднагалоит 27 сааҭ мчыбжьык, насгьы аҵараҿы рыҽԥыршәарц рылшоит еиҳабу астудентцәа,избанзар Британиатәи аҵараиурҭа уҭаларц азы жәаф шықәса уҳыҵуазароуп.

Англыз бызшәа аҽыбӷаҟазара нацҵаны-ари апрограмма аколлеџь ирыднагалоит аԥхынтәи аамҭазы. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны мчыбжьык 15 сааҭ англыз бызшәа иазыркәеит, 10 сааҭк аҽыбӷаҟазара. Аҽақәтәашьа,аԥашьа,аихдаратә ҭыԥқәа рҿы аланыҟәашьа,аԥсҭәқәа рхылаԥшра ддырҵоит. Ашәарҭадареи, алҵшәа бзиа аазырԥшуа аҵареи рхахьы иргоит аԥышәа змоу аинструкторцәа. Аколлеџь аҟынтәи аҽақәтәара ацентр аҟынӡа 30 минуҭ рыла унаӡоит.
Ирыднагалоит убасгьы англыз бызшәа аҵареи агольф ахәмарреи реилагӡара. Ари апрограмма мчыбжьык ахь 15 сааҭ абызшәа аҵара иазоунажьуеит, мчыбжьык ахь 12 сааҭ агольф иазкуп. Агольф ацентр аколлеџь ааигәара иҟоуп,астудентцәа ироуеит алшара уи аҵара,насгьы аетика уҳәа ари ахәмарра иацу аспектқәа зегьы реилкаара.
Анхарҭа ҭыԥ аҭагылазаашьа,акрыфара
Арезиденциаҿы анхара адагьы,иҟоуп алшара аҭаацәараҿы аанҿасра.
Арезиденция еиқәыршәоуп уадак аҿы 1-3 рҭыԥ, акрыфара харҭәаауп, уи знапы иҵызхуа аусбарҭа акрыфарҭа ауп. Аҭаацәара рҿы аҵаҩцәа нхар рылшоит уадак аҿы аӡәы-ҩыџьа.
Аԥсшьара, аспорт
Иҳаднагалоит еиуеиԥшым алшарақәа – акәашареи аӡсареи, амҵәышәымпыл, ашьапылампыл, акәырқәа рықәгылара, атеннис. Хәылбыҽхала акинофильмқәа ирыхәаԥшуеит,еиҿыркаауеит аконкурсқәа,авикторинақәа, абоулинг хәмаррақәа иара убас иҵегьы. Насгьы аныҟәарақәа мҩаԥыргоит – абаагәара Уорвик, Кембридж,Оксфорд. Аҵаҩцәа Лондон иаҭаауеит, еиуеиԥшым апарққәеи егьырҭ аҭыԥқәеи.

Апрограмма аху арбоуп афунт стерлинг ала, аӡәы изы 2019 шықәсазы.

Апрограмма

ахьӡ

арыцхә

Заҟа мчыбжьы

Арезиденциаҿы анхара аху

Аҭаацәа рҿы анхара аху

Англыз бызшәа + аспорт,аԥсшьара

01.07-26.08.2018

2 мчыбжь

3 мчыбжь

4 мчыбжь

5 мчыбжь

6 мчыбжь

1 800

2 700

3 600

4 500

5 400

2 060

3 090

4 120

5 150

6 180

Англыз бызшәа + Британиатәи акультура

01.07-26.08.2018

2 мчыбжь

3 мчыбжь

4 мчыбжь

5 мчыбжь

6 мчыбжь

1 900

2 850

3 800

4 750

5 700

2 160

3 240

4 320

5 400

6 480

Аԥышәара IELTS аҽазыҟаҵара

01.07-26.08.2018

2 мчыбжь

3 мчыбжь

4 мчыбжь

5 мчыбжь

6 мчыбжь

1 940

2 910

3 880

4 850

5 820

2 200

3 300

4 400

5 500

6 600

Англыз бызшәа + агольф

01.07-29.07.2018

2 мчыбжь

3 мчыбжь

4 мчыбжь

2 040

3 060

4 080

2 300

3 450

4 600

Англыз бызшәа + аҽыбӷаҟазра

01.07-26.08.2018

2 мчыбжь

3 мчыбжь

4 мчыбжь

5 мчыбжь

6 мчыбжь

2 150

3 225

4 300

5 375

6 450

2 410

3 615

4 820

6 025

7 230

Англыз бызшәа + акартинг

15.07-12.08.2018

2 мчыбжь

3 мчыбжь

4 мчыбжь

2 290

3 435

4 580

2 540

3 810

5 080

Ахәԥса иаҵанакәуеит:

Хазы аху ахшәаатәуп:

- Шәара иалышәхыз апрограммеи анхарҭа ҭыԥи

- Акрыфара-ихаҭәаау апансион

Хәыда-ԥсадатәи ацхыраара акциақәа рҳәаа иҭагӡаны

- Алабжьареи ацхыраареи ишәнаало аҵараиурҭа алхраан

- Апрограмма абронь азура,аҵараиурҭа аҟынтәи иахәҭоу ашәҟәқәа роура

- Аҳаиртә билеҭқәа абронь рзура

- Аҽыхьчаратә билет алҩаара

- Аҵараҿы иҟоу астудент ихылаԥшра

- 24/7 аимадараҿы аҟазаара

-Аҽҭагаларатә еизга(ихымԥадатәиуп) 95 у.е.

-Абанк аҟынтәи аԥара аиагара 60 у.е.

- Авиза аҟаҵара 95 у.е.

- Аҽыхьчара 1 у.е./сут

- Аҳаиртә билет от 240 у.е.

-Аконсултә еизга 100 у.е.

- Атрансфер (уахь-арахь) 275 у.е.

- IELTS аԥышәара 200 y.e.

 

expand_less