+7 (940) 711 13 28

Аҳәаанырцәтәи аҵара

Bell / St. Alban's (Hertfordshire)

Bell / St. Alban's (Hertfordshire)

Bell – ари иҳаракӡоу астандартқәа ирықәшәо абызшәатә центрқәоуп,рҵаҩцәа зегьы зыҩаӡара ҳараку адыррақәа рырҭоит.Аҵаратә процесс инаваргыланы,аҵаҩцәа ирыдыргалоит аспорт еиуеиԥшым ахкқәа,насгьы зеилазаашьа еиԥшым аныҟәарақәа.

Bell аҵаҩцәа ргәазыҳәара инақәыршәаны 9 центрк рыднагалоит. Дарбанызалаак иара инаало алихуеит,Англиа еиуеиԥшым ахәҭақәа рҿы. Анхарҭаҭыԥқәеи аҵараиурҭақәеи ыҟоуп Сассекс,Беркшир,иара убас Норфолк уҳәа атәыла егьырҭ ахәҭақәа рҟынгьы. Центрцыԥхьаӡа аккредитациа хазы иаиоуит.

Bell St Alban's, ҳалацәажәозар иазгәаҭатәуп, иара шеиҿкаау ижәытәӡатәиу ауахәамаҿы, 60 акра адгьыл амҽханакуеит. Ари аҵараиурҭа ахьыҟоу аҭыԥ даара иманшәалоуп,Лондон иазааигәоуп. Кембреџьи Оксфорди рыстуденттә қалақьқәа аигәылара рызнауеит. Аҳаирбаӷәазагьы хараӡам.

BellSt. Albans – уаҳа нызҭахым ҭыԥуп адырра аизырҳаразы,абызшәа аҵаразы. Насгьы зеиԥшыҟам вариантуп аҭоурыхтә баҟақәа бзиа избо рзы, урҭ рацәоуп ааигәа- сигәа. Аԥсабара цқьоуп, аҳауа зҩыдоуп,аиаҵәара рацәоуп Лондон ааигәа ишыҟоугьы.

Ашкол ахыбра абаҳчара иҭалаҳауп, араҟа иҟоуп ашьапылампылтә клуб ʼʼАрсеналʼʼ ахәмарратә дәы. Уажәааигәа аиҭашьақәыргыларатә усқәа мҩаԥган, ашкол акәзар ҳаамҭа иақәшәо атехника ала еибыҭоуп.

Аҵараиурҭа шԥеиқәыршәо?

Аҵаҩцәа рзы игылоу анхарҭа ҭыԥи аҵаратә центри- мыругала еибыҭоуп, аҭагылазашьа маншәалоуп. Иара убас акомпиутертә класс,аинтернет хәыда-ԥсада,алингафонтә класс,абиблиотека уҳәа.. Аҵаҩцәа ахәмаррази аспорт ази рхы иадырхәалар рылшоит адәқәа,аԥсшьаразы ауадақәа, аҵаразы аҭыԥқәа. Иԥшӡоу англиатәи абаҳча абри зегь ханарҭәаауеит.

Аҭагылазаашьа:

-аҵаратә центр,анхарҭатә комплекс

-иманшәалоу ауадақәеи,ашьҭаларҭақәеи

-иԥшӡоу абаҳчақәа

-ахәмарратә дәқәа

-акомпиутертә центр

-аинтернет хәыда-ԥсада

-абиблиотека

-алингафонтә кабинет

-ахалатә ҽазыҟаҵарақәеи аԥсшьареи рзы ауадақәа

 

StAlban's аҵаразы ааԥхьара рынаҭоит қәрала 7 -17 ирыҵарқәа. Дара ирықәнагоит апрограмма English Explorer,уи иҭагӡаны англыз бызшәа аҵареи аныҟәарақәеи аспорти еиларыгӡоит. Англыз бызшәа аҵара иақәдырӡуеит 15 сааҭ мчыбжьык. Раԥхьаӡа идыргылоит ацәажәаратә бызшәа,иара убас абызшәа азыӡырҩра рҽадыршьцылоит. Аԥхьареи аҩреи имаҷымкуа аамҭа ақәдырӡуеит.

Апрограмма ихадоу ахықәкы ҳәа иԥхьаӡоуп:

-Ацәажәаратә бызшәа аиӷьхара

-Англиа акультура аҭҵаара

-Иумоу адыррақәа рҿы иҵегьы ахагәрагара

-Еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи аҩызцәа рырҳара

Анхареи аԥсшьареи рҭагылазаашьа:

Аҵаҩцәа нхоит ҭыԥки,ҩ-ҭыԥки змоу ауадақәа рҿы,аҷкәынцәеи аҭыԥҳацәеи хаз-хазы. Рыкрыфара хаҭәаауп, аекскурсиақәа- акы аҽнынтәарак,даҽакы- мышкыбжак.

Ахәыҷқәа аспорт рҽазыҟарцарц рылшоит,уахь иаҵанакәеит ахыци ахәымпали,анапылампыл,абадминтон,иҵегьы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа. Иара убас бзиа избо алшара роуеит афотографиа,атеатр,акараоке,уҳәа еиуеиԥшым аицлабрқәа рхы рыладырхәыртәеиԥш.

 

Апрограмма аху арбоуп афунт стерлинг ала, аӡәы изы 2019 шықәсазы.

 

Апрограма ахьӡ

Арыцху

заҟа мчыбжьы

Ахә

English Explorer
(ааԥын)
Ақәра : 11- 17 шықәса

07.04 - 04.05.2019

1 амчыбжь
2 амчыбжь
3 амчыбжь
4 амчыбжь

885
1 770
2 655
3 540

English Explorer
(аԥхын)
Ақәра: 11-17 шықәса

02.06 - 18.08.2019

1 амчыбжь
2 амчыбжь
3 амчыбжь
4 амчыбжь
5 амчыбжь
6 амчыбжь

1 175
2 350
3 525
4 700
5 875
7 050

Ахәԥса иаҵанакәеит:

Хазы ахә ахшәаатәуп:

-Иалышәхыз апрограмма ала аҵареи анхарҭа ҭыԥи
-Акрыфареи ихаҭәаау апансиони
-Атрансфер

Акциа аҩныҵҟа хәыда ԥсадатәи ацхыраара
-Алабжьареи ацхыраареи ишәнаало аҵараиурҭа алхраан

-Апрограмма абронь азура,аҵараиурҭа аҟынтәи иахәҭоу ашәҟәқәа роура

-Аҳаиртә билеҭқәа абронь рзура
-Аҽыхьчаратә билеҭ алҩаара
-Аҵараҿы иҟоу астудент ихылаԥшра
- 24/7аимадараҿы аҟазаара

- регистрациатә еизга (ихымԥадатәиуп) 95 у.е.
-Абанк аҟынтәи аԥара аиагара 60 у.е.
- Авиза аҟаҵара 95 у.е.
- Ахыхьчара 1 у.е./уахыки-ҽнаки
-Аҳаиртә билеҭ 240 у.е. инаркны
- Аконсултә еизга 110 у.е.

 

 

expand_less