+7 (940) 711 13 28

Аҳәаанырцәтәи аҵара

Германиа

Германиа Европа атәыла ссирқәа ируакуп. Ара ирацәоуп аҭоурыхтә ҭыԥқәеи апеизаж џьашьахәқәеи. Ари атәыла иалсны ицоит аклассикцәа зыхцәажәахьоу аӡиасқәа Ельбеи Реини. Ара иубар улшоит абаақәеи аӡиақәеи рацәаны, иара убас Альпақәа. Ари атәыла ԥшӡа иаҭаауа зегьы агәаҳәарақәа рызцәырнагоит. Уи ҳаамҭазтәи демократиатә ҳәынҭқарроуп.

Ара акультуреи, аҟазареи, аԥсҭазаареи рыҩаӡара даара иҳаракуп. Ара активла иҿиоит аҭҵаарадырра, иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысуеит хырхарҭа рацәала аҭҵаарақәа. Ари аихьӡара бзиақәа змоу, иҭышәантәаланы иҟоу тәылоуп. Ара иҟарҵахьеит аҭҵаарадырратә аартрақәа маҷымкәа. Нобель ипремиа занаршьахьоу аӡәырҩы ара инхоит. Анемец ҵара аԥхьагылара дуқәа амоуп. Уи адунеи аҿы иазхарҵахьеит. Уи ацлабуеит америкатәи, англиатәи аҵара. Аҳәаанырцәуаа жәпаҩык ара аҵара аиура рҽазыршәоит. Арахь аҵара аиуразы иаауеит ауаа Китаинтәи, Индиантәи, Урыстәылантәи, иара убас егьырҭ  атәылақәа рҟынтәи. Анемец ҵараиурҭақәа рҿы атәыла атәылауаа реиԥш аҳәаанырцәуаагьы аҵара хәыдаԥсада ироуеит, избанзар аҳәынҭқарра ауниверситетқәа ибзианы аԥара рзашәоит. Абакалавриатгьы шамахамзар хәыдаԥсадоуп, уи азы аԥарашәара уарлашәарла иҟалоит. Амагистратуразы аԥара шәатәуп, аха уи ахә иаҳа имариоуп егьырҭ атәылақәа рҿы аасҭа. Германиа дарбанзаалак аҵара иҵалар ҟалоит немец бызшәала еиԥш англыз бызшәалагьы. Аҳәаанырцәтәи астудентцәа ара ибзианы ирзыҟоуп, аматериал ҿыц аилкаараҿы, аҵараҿы ирыцхраауеит.

Германиа арҵара иазку аинтерес зҵоу афактқәа: Иахьагьы зегьы реиҳа ҳаҭыр зықәны иҟоу актәи ауниверситет аартын Геидельберг, 1386 шықәсазы. Германиа астудентцәа аус рулар рылшоит, аусуразы урҭ ирырҭоит шықәсык 120 сааҭ. Анемец студентцәа рзы актуалра аҵоуп аиҭныԥсахлара иазку апрограммақәа. Урҭ аҵара рҵар рылшоит егьырҭ европатәи атәылақәа рҿы. Астудент имоуп азин аԥгаԥсеи амедицинатә цхыраареи риура.

Ауниверситетқәа рҿы ишәалатәуп астуденттә лагала, уи ахәԥса ауниверситети уи азҵаара астудент иазыҟазшьеи ирхьыԥшуп. Аҭаларатә ԥышәарақәа анемец студентцәа ирҭиӡом, ара акомиссиа ахәаԥшуеит аттестат, иҭнаҵаауеит абжьаратә балл, ахшыҩзышьҭра анаҭоит аԥхьаҟатәи астудент исоциалтә ҭагылазаашьа. Уи иааигароуп (идирбароуп) анемеци англызи бызшәақәа ирызкны имоу адыррақәа аазырԥшуа асертификат.

Германиа астудент иднагалоит алшара аҵараан иаҳа игәы иаҭаху, ицааиуа апрограммеи амаҭәарқәеи.

Германиа астудентцәа аҵара даара иадырцалоит, аҵареи аԥышәарақәа рыҭиреи ус имариаӡам. Убри аҟнытә астудентцәагьы рҽазҵәылхны аԥышәарақәа рҽырзыҟарҵоит. Асессиақәа раан абиблиотекақәа пеипеиуа иҭәуеит.

Германиа иуоуа адиплом Европа зегьы аҿы еиԥш адунеи зегьы аҿгьы иазхарҵоит.

Аҵара иамоуп апрактикатә хырхарҭа. Германиатәи астудентцәа ироуеит азанааҭтә усураҿы иаҭаху адыррақәа, иара убас урҭ ахысуеит акомпаниа дуқәа рҿы аԥышәаиура (астажировка).

Анемец бызшәа иеицырдыруа, ҳаҭыр зқәу бызшәоуп. Уи адунеи атәылақәа 6 рзы иофицалтәу бызшәоуп. Уи ала ицәажәоит Германиа еиԥш Австриеи Швеицариеи уб.иҵ. Ажәакала, ари абызшәа Евросоиуз зегьы азы даара иактуалтәуп, убри аҟнытә уи аҵарагьы иашьҭоуп. Анемец бызшәа зҵарц зҭаху адуцәа рызгьы, ахәыҷқәа рызгьы иеиҿкаауп иеиуеиԥшым акурсқәа. Алыҵшәа бзиақәа аазырԥшуа иеицырдыруа апрограммақәа иурҭоит алшара аҵареи, атәыла акультура аҵареи, атәылаҿы аныҟәарақәа рымҩаԥгареи, аҭыԥ ссирқәа рбареи реилагӡаразы. Акурсқәа мҩаԥысуеит атәыла ауниверситет ԥхьагылақәа рышьаҭала. Адуцәа рзы иеиҿкаауп шықәсыктәи акурсқәа. Иҟоуп аԥхын имҩаԥырго ахәыҷқәа рзы акурсқәа. Германиа ахәыҷқәа рааӡара ахшыҩзышьҭра ду арҭоит. Алагарҭатә школ шьақәгылоуп ԥшьышықәса рыла. Ахәыҷқәа ашкол иҭалоит фышықәса анырхыҵлак  нахыс. Абаҩхатәра злоу ахәыҷқәа агимназиахь ирыдыркылоит. Азеиԥш школқәа рыҿгьы ирылшо зегьы ҟарҵоит дарбанзаалк ахәыҷы ихаҭара аарԥшразы, уи ақәҿиарақәа раарԥшразы аҭагылазаашьақәа изаԥҵаразы. Анемец школқәа зегьы рылҵшәақәа европатәи астандартқәа ирықәшәоит. Ахәыҷы ашкол даналго иҭиуеит аԥышәарақәа, иааирԥшуеит амаҭәар ԥхьагылақәа рыла адыррақәа, нас уи иациҵоит иҵара азанааҭ аиуразы. Анемец школқәа жәпакы рҿы арҵара  мҩаԥсуеит анемец бызшәала еиԥш англыз бызшәалагьы.

Германиа ацаны-аара агәахәара ду унаҭоит. Уи абара иузцәырнагоит агәаҳәара уи атәылахь ахынҳәра, уи атәылаҿы анхара. Германиа ибеиоу, иссиру, ухы-угәы иҭымҵәо ҳәынҭқарроуп.

expand_less