+7 (940) 711 13 28

Аҳәаанырцәтәи аҵара

АИА

Америка Иеиду Аштатқәа рҿы аҵара аҵара Урыстәылатәи астудентцәа еснагь агәаҳәара рымоуп. Зеканомика ҳараку, зыҭҵаарадырратә лшарақәа дуу  атәыла  инанаԥхьоит аҵара зоурц зҭаху зегьы, программак ала уахь инеиԥынкыланы нхара ицарц зҭаху зегьы. Аусурҭеи зхаҭабзиара ҳараку аҵареи АИА рҿы риура иазхәыцуа даара ирацәаҩуп. Уахь инеиуа ирзыԥшуп Атлантикатәи аԥшаҳәа, адунеи афинанстә центрқәа – Ниу-Иорк, Лас Вегас, Лос-Анджелес. Есышықәса миллионҩыла астудентцәа иеиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи АИА рахь иаауеит иалырхыз азанааҭқәа рыла иеиҳау аҵара аиуразы.

Астатистика ишьақәнарӷәәӷоит Америка Иеиду Аштатқәа – ари иеҳау аҵара змоу ауааԥсыра ртәыла ауп. Ара аҩышьеи аԥхьашьеи здыруа рхыԥхьаӡара 99%  артәоит. Аҵара иуоуа аҩаӡара иахьыԥшуп ахашәалахәқәа, иара убас ауаажәларраҿы усоциалтә ҭагылазаашьа. Ашкол ианҭоу инаркны ахәыҷқәа ирызцәырыргоит адырра ҿыцқәа риуразы аинтерес. Ахәыҷқәа иреилдыркаауеит аҵара шхадароу, ҵарада алҵшәа бзиақәа шузаамырԥшуа. АИА рҿы аус руеит ашколқәа – апонсионқәа (boarding  schools), иара убас ҽынлатәи аклассикатә школқәа (day schools).  Аколлеџьқәеи ашколқәеи иҳараку аҵаратә стандартқәа ирықәшәоит, ирымоуп аматериалтә-техникатәи академиатәи шьаҭа бзиақәа. Америкатәи ашкол аҭалара ауадаҩрақәа ацуп. Адкыларазы адкыларатә комиссиахь инагатәуп ашколтә хәшьарақәа зну агәылҩаа, иҩтәу агәазыҳәаратә шәҟәы (письмо) ҷыда, иара убас иҭитәуп аԥышәара цәгьақәа SSAT и TOEFL. Аҵараҿы ахәшьара бзиақәа ароль ду нарыгӡоит. Дарбанҵаҩызаалак изы америкатәи ашколқәа рҿы ихадароу ароль нанагӡоит абалл ду. Уи иабзоураны аҵаҩы алшара иоуеит аԥхьаҟа аҵара ацҵара, иаҳа аԥара ахьыршәо аусурҭа аиура. АИА рҿы аҵара аҵара ԥеиԥш бзиоуп аԥхьаҟа адунеи егьырҭ атәылақәа рҿы аусурҭа аиуразы.

Аклассикатә школ программа хырхарҭас иамоуп атәылаҿи адунеи аҿи иаҳа ҳаҭыр зқәу иеиҳау аҵареиурҭақәа – Гарвардтәи ма Иельтәи ауниверситет аҭалара разыҟаҵара. Иеиҳау аҵараиурҭақәа Аплиушьч (Ашәшь) Алига иалоуп. Уи Америка Иеиду Аштатқәа рҵаратә система гәадурас иҟоуп. Алига иалахәуп аҵараиурҭа ԥхьагылақәа ааба: Браунтәи ауниверситет (Broun University), Гарводтәи ауниверситет (Harvard University), Дартмуттәи аколлеџь (Dartmouth College), Иельтәи ауниверситет (Yale University), Колумбиатәи ауниверситет (Columbia University), Корнеллтәи ауниверситет (Cornell University), Пенсильваниатәи ауниверситет (University of Pennsyluania).

Ашәшь (Аплиушьч) Алига иалоу Иеиҳау аҵараиурҭақәа рҿы аус руеит узхыҽхәаша арҵаҩцәа. Урҭ роушьҭымҭацәа аӡәырҩы иеицырдыруа ҵарауааны иҟалахьеит, Нобель ипремиа иалауриатцәахахьеит. Гарвардтәи ауниверситет апрофессор Генри Розовски изгәеиҭеит адунеитә университет ԥхьагылақәа реиҳарак АИА рҿы ишыҟоу. Америка Иеиду Аштатқәа рҿы Иеиҳау аҵараиурҭақәа рҿы аҵара ҷыдара хадас иамази иҳараку ахаҭабзиареи ҳаамҭазтәи апрограммақәа рхархәареи.

Иеиҳау аҵараиурҭақәа рҿы инарҭбааны ирҵоит амаркетинг, аменеџьмент, афинансқәа, абизнес анапхгарҭара. Иазгәаҭатәуп урҭ азанааҭқәа жәпакы урыстәылатәи ауниверситетқәа рҿы иахьа рҵара ишалаго. Америкатәи аҵара ҷыдарас иамоуп арҵара асистема иеиуеиԥшым ахырхарҭақәа ахьамҽханакуа. Ауниверситетқәа рҿы астудентцәа аҵараҿы агәацԥыҳәара ду аадырԥшуеит. Урҭ рыҽрыладырхәуеит аконференциақәа, аволонтертә программақәа. Урҭ амузыкеи аспорти рҽырзыҟарҵоит. Урҭ ирымоуп алшарақәа рбаҩхатәрақәа раарԥшразы. Аҵара иеиднакылоит апрактикатәи атеориатәи хырхарҭақәа. Уи аусурҭаҭаҩцәа ахә ҳаракны иршьоит. Иеиҳау аҵараиурҭа аҭалараан алԥшаара ду мҩаԥысуеит, убри аҟнытә АИА Иеиҳау рҵараиурҭақәа рҿы аҵара рҵоит зегьы иреиӷьу астудентцәа.  

АИА рҿы аҵара аиура иузаанартуеит алшарақәа рацәаны аԥхьаҟатәи аҿиаразы. Ахырхарҭа хадақәа ируакхеит англыз бызшәала адыррақәа рыҩаӡара аҳаракра. АИА рҿы англыз бызшәа  акурсқәа ахшыҩзышьҭра ду рырҭоит. Урҭ мҩаԥсыуеит иеицырдыруа ауниверситетқәа: Prineton University, UCLA University of Chicago, Yale University  рышьаҭала. Астудентцәа иалырхыр рылшоит абызшәатә курс интенсивла (ҽазҵәылхла) ахысра ма иалкаау занааҭк: ажурналистика, апсихологиа, амедицина, архитектура, аҟазара иазынарханы абызшәа аҵара. Иазгәаҭатәуп амереканеццәа аспорт иазҟазоу амилаҭқәа ишреиуоу. Уи зырҵабыргуа иреиуоуп ахәыҷқәа рзы иеиҿкаау аспорттә лагерқәа. Арҭ алагерқәа рыҟны ахәыҷқәа атеннис, агольф, амҵәышәымпыл иасуа, аӡсарахь иныҟәо ирҵоит атәым бызшәагьы. Абизнес-школқәа рыҿгьы иеиҿкаауп адуцәа рзы абызшәақәа дырҵара иазку акурсқәа. Урҭ акурсқәа рыбзоурала урҭ ирылшоит жәларбжьаратәи аԥышәарақәа рыҭира ма аус зларуа азанааҭ ала аиҭазыҟаҵара ахысра.

АИА – ари аҳәаанырцәтәи ауаа рацәаҩны изқәынхо тәылоуп. Ара дарбанзаалак изы иаартуп амҩақәа иҿиаразы, азанааҭтә дыррақәа реиӷьтәразы, аԥсҭазаара ҿыц напы аиркразы. Ара иарцәоуп уҽыззукша, уҽыззушәаша!

expand_less